Ажәабжь ҿыцқәа

14 June 2025 239
Атехникатә усурақәа рымҩаԥгаразы адырраҭара
Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Леденев инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Урыстәыла Амш иазкыз ауснагӡатә иалахәын.
Рашәара 10 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергея Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Урыстәыла Амш иазкыз ауснагӡатә далахәын.
12 June 2025 207 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла Амш азгәаҭара инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәыла Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭахь адныҳәаларатә шәҟәы рышьҭит.
12 June 2025 192 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
10 June 2025 150
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа МГИМО аҟны рашәара 9 инаркны 11 рҟынӡа имҩаԥысуа апрограмма "Адәныҟаполитикатә ӡбарақәа рыдкылараан аексперт-аналитикатә дгылара" ала иҷыдоу акурс рхы аладырхәуеит.
2025 шықәса рашәара 5 азы Боливариатәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Латинтәи Америка Карибтәи аекономикатә Система Иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа Амаӡаныҟәгарҭа (СЕЛА) ацҳаражәҳәаҩ Кларенс Ендара инапхьарала, CEЛA ашьаҭаркратә документ – Панаматәи Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра 50 шықәса ахыҵра ихы алаирхәит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Латинтәи Америка Адепартамент анапхгаҩы Александр Шьчетинини реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиҿцәажәарақәа рышьҭахь иҟаиҵаз ахҳәаа:
9 June 2025 474
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара: (Москва, рашәара 6, 2025 шықәса)
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: