Аиԥылара иалахәын Шьамтәыла иҟоу «Адыга Хасе» аиҳабы Хышам Кат, Шьамтәыла Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Иаҳиа Ибрагим, аиҳабацәа Фахми Чычбеи Абдарахман Багасеи, ажәлақәа Гьечба, Аргәын, Арҩҭаа рхаҭарнакцәа.
Аиԥылара иалахәыз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Олег Барцыц урҭ арахь иахьааиз азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аиқәырхареи арӷәӷәареи аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.
Олег Барцыц далацәажәеит 63-тәи Дамастәи жәларбжьаратәи аџьармыкьа дшалахәыз, иагьазгәеиҭеит сынтәа аԥсуа павильон аҽшарҭбааз, атәыла аекономика, аарыхра, абизнес рзы еиҳа инарҭбаау аинформациа шцәыргаз.
"Ҳара иаҳҭахуп Шьамтәылеи Дамаски инхо ҳашьцәа зегьы ааирц, иҳавагылазарц. Аԥсуаа, адыгаа, ачерқьесцәа — Шьамтәыла ажәлар зегьы ирбарц Аԥсны иахьа ишынхо, аҿиара ишаҿу», ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аиԥылараан Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара аҭагылазаашьеи аԥеиԥшқәеи ирылацәажәеит.
Аминистр шьамтәылатәи аиҳабыра рхаҭарнакцәеи иареи рыбжьара иазԥхьагәаҭоу аиҿцәажәарақәа ртәы иҳәеит, иазгәеиҭеит атәыла атранспорттә лшарақәа рырҭбаара, атуристтә усхк аҿиара, иара убас акультуреи ахәаахәҭреи рганахьала аинырра аԥеиԥшақәа.
"Иахьатәи аамҭазы Аԥсны алшарақәа еиҳа-еиҳа ирацәахоит. Аԥсны ҿиоит, уи аҿы уи иацхраауеит Урыстәылатәи Афедерациа. Ҳара иаҳҭахуп ҳацәажәара иазхиоу, Аԥсны ҳаҭырла иазыҟоу атәылақәеи ҳареи ҳабжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиара", - иҳәеит иара.
Адиаспора ахаҭарнакцәа аҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рыҿиара иадгылеит.
Шьамтәыла иҟоу аԥсуа-адыга диаспора аиҳабы Фахми Чычба аԥснытәи аделегациа Шьамтәыла иахьаҭааз ҭабуп ҳәа реиҳәеит, Шьамтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа аринахысгьы рырӷәӷәара иацҵахап ҳәа агәыӷра ааирԥшит.
"Иҭабуп, бзиала шәаабеит Шьамтәыла. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит Шьамтәыла шәааиреи аџьармыкьа шәалахәреи. Ҳара ԥхьаҟагьы аус адааулалароуп Шьамтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа реиӷьтәра», ҳәа азгәеиҭеит иара.
Шьамтәыла иҟоу «Адыга Хасе» аиҳабы Хышам Кат инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни адыга диаспора ахаҭарнакцәеи рҭоурыхтә еимадарақәа, хазы иазгәеиҭеит Аԥсны иуадаҩыз аамҭақәа рзы адыгаа иҟарҵоз адгылара.
«Ҳара иаҳхашҭыр ҟалаӡом Аԥсны шхьамҵыз, адыгаа зегьы ҳацхырааразы анапы шеиҵнахыз, еснагь ишҳадгылоз,»— иҳәеит иара.
Хазы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммед Али адиаспора еснагь дахьрызҿлымҳау, дахьрыдгыло азы.
Шьамтәыла Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Иаҳиа Ибрагимгьы аԥснытәи аделегациа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, агәыӷра ааирԥшит аҩганктәи аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи аҿиара шроуазы.
«Ҳара ҳақәгәыӷуеит ԥхьаҟагьы ҳаизыҟазаашьақәа иҳаракӡоу аҩаӡараҿы иҿиалап ҳәа. Сара исылшо зегьы ҟасҵалоит, агәра ганы сыҟоуп абра еизаз зегьы ацхыраара шыҟарҵало», ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит адепутат.
Аиԥылара мҩаԥысит иԥханы, аиҩызаратә ҟазшьа аманы.